ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

АҦСНЫ АҲӘАА АХЫСРАЗЫ ШӘАЧА АУШЬҬЫРҬАТӘ ПУНКТ АРҬБААУЕИТ АГӘАРАН АХЬЫРАЦӘАХАЗ ИАХҞЬАНЫ

Есҽны аурыс-аҧсуа ҳәаа иахысуеит 50- нызқьҩык ауаа, 10-нызқь машьына. Аҧсшьаҩцәа рхыҧхьаӡара ахьырацәахаз инамаданы агәаран есааира еизҳауеит. Ҧхынгәымза 20 рзы абри атәы иҳәеит Шәача ақалақь ахада Алексеи Копаигородски.

Иара иажәақәа рыла, иаарласны аушьҭырҭатә пунктқәа рҟны иҿыцу аамҭеихшара аҧҵахоит аҧсшьаҩцәа зҭо автобусқәа еиҳа аҳәаа ианахысуа азҧхьагәаҭаны. Усҟан агәаран иқәгыло ашьаҟауааи автомашьынақәеи рызҵаара аӡбара акыр еиӷьхоит. Убри инаҷыданы, ашьаҟауааи амашьынақәеи роушьҭырҭатә пунктқәа аиҭакрақәа рылагалахоит, ртехникатә ҭагылазаашьақәа рырҭбааразы. Арҿыцра апроект аҳәынҭқарратә експертизахь идәықәҵахоит.