ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Ҧхынгәымза 23 - Аҧсны Аҳәынҭқарратә Бираҟ Иамшуп

Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟ шьақәырӷәӷәан 1992ш. ҧхынгәымза 23 рзы,  Аҟәа ақалақь, Аҧсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет аизара аҟны. Абираҟ автор - асахьаҭыхҩы,  Валери  Гамгиа.

Аҧсны аҳәынҭқарратә бираҟ  символра азнауеит аҧсуа жәлар рҳәынҭқарра аҿиара ахадаратә етапқәа-  Кавказ иашьагәыҭу ижәытәӡоу аетносқәа ируакуп. Аҟаҧшь афон аҿы иарбоу иаарту амаҿа шкәакәа - Аҧсуа ҳәынҭқарра иасимволуп, Аҧсны аҳратәра аамҭазы ишьақәырӷәӷәан (8-тәи, 10-тәи  ашәышықәса) 12 шәышықәса инарзынаҧшуеит. Абираҟ аураҟны иарбоуп ҭбаарыла еицеиҧшны иҟо  аиаҵәаҧшшәи ашкәакәҧшшәи змо ацәаҳәақәа: аиаҵәақәа ҧшьцәаҳәак, ашкәакәақәа хцәаҳәак.  Ашкәакәа символра азнауеит адоуҳатә культура, аиаҵәа - аҿара, ақәыҧшра,  аҧсҭазаара. Амаҿа   аханы иаҿыкәыршо хәкәакьк змо аиаҵәа шкәакәақәа быжьба - Аҧсны  ахадаратә ҭоурыхтә раионқәоуп: Саӡ (Џьигеттәыла), Бзыҧ, Гәымаа, Абжьыуаа, Самырзаҟан, Дал-Ҵабал, Ҧсҳәы-Аибга.

2005ш.рашәарамза 3 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь Аусҧҟа инапы аҵаиҩит ҧхынгәымза 23 - Аҧсны аҳәынҭқарратә бираҟ иамшны иҧхьаӡазарц. Аҧсадгьыл ахьчаразы абираҟ амҵан ҭоуба руан ҳтәыла аиқәырхаҩцәа Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы(1992ш.-1993ш.). Аҧсны Арбџьармчқәа рҟны аррамаҵзура иахысуа аруаа рыҧсадгьыли рбираҟи гәыкала ишырзыҟоу азы ҭоуба руеит. Аҧсны ашколқәа, ахәыҷбаҳчақәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҟны Аҧсны абираҟ шәыршәыруа икнаҳауп.