ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Ҭырқəтəыла Ареспубликаҟны иҟоу Аҧсны Аҳəынҭқарра Азинмчызмоу ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡба дырзааҭгылоит ҳазҭагылоу аамҭазтəи ахаҭарнакра ауснагӡатəқəеи, аҧхьаҟатəи азгəаҭақəеи

“Ҭырқəтəылаҟа аусура ҳəа ҳааижьҭеи зегь реиҳа ихадараны иаҳбо зҵаароуп Аҧсны Аҳәынҭқарра атəылауаҩшəҟəы змоу ҳџьынџьуаа рпаспортқəа рыҿҳəара ахьынҵəаз, урҭ даараӡа ирацəоуп. Сара Аҧсны снеины саныҟаз атəыла анапхгара злахəыз аизарақəа мҩаҧаҳгеит ари азҵаара аӡбаразы. Ҭырқəтəыла инхо ҳауаажəлар, зыҿҳəара нҵəаз атəылауаҩшəҟəы  змоу , аҿкычымазара иахҟьаны Аҧсныҟа изнеиӡом, уи проблема дууп.

Ишдыру еиԥш, Аҧсни Урыстəылеи рҳəааҿы, аҧсуа мамзаргьы аурыс тəылауаҩшəҟəы змам дызҭалаӡом, аҭырқəа паспорт ала аурысқəа Аҧсныҟа иҭарыжьлаӡом”,-иҳəеит  Ибрагим Аҩӡба.

Иара убас,  Ибрагим Аҩӡба иазгəеиҭеит ари аҭагылазаашьа алҵразы инагӡатəуп ҳəа изхəаҧшыз азҵаарақəа.

Еилкаау усуп, ҳашьцəа рҭоурыхтə ҧсадгьыл ахь ахынҳəра шырҭаху, убри азы иахьынӡалшо ала адгылареи ацхыраареи ирзыԥшуп.

“Аҧсныҟа рхы-ргəы кыдуп ҳауаажəлар, рыҧсадгьыл рбарц, аус аганахь ала инеирц зҭахқəоугьы ыҟоуп, ҧынгыла рызҭо акəны иҟоуп зыҿҳəара нҵəаз аҧсуа паспортқəа. Қырҭтəылантəи инеиргьы алшоит, аха уи аҩыза амҩа аӡəгьы иҭахӡам. Убри аҟынтə, Аҧсны имҩаҧаҳгаз адәныҟатәи  аусқəа рминистр, апаспорттə маҵзура аиҳабы уҳəа злахəыз аилацəажəарақəа рҟны иазгəаҳҭеит, зыҿҳəара нҵəаз апаспортқəа рсахьа ҭыхны Аҧсныҟа инаҳашьҭырц, нас уантə еиқəыршəаны ара ироуа иҟаларц. Абри ахырхарҭала аусура ҳаҿуп, иҟоу ауадаҩра аӡбарагьы алшоит ҳəа сгəы иаанагоит”, - иҳәеит    Ибрагим Аҩӡба.

Адунеи аҟны зымҽхак ҭбаахаз аҿкычымазара иара атəы ҟанамҵар амуит. Хымҧада, аҳəаанырцə инхо ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадара арҧсыҽит, аха егьа ус акəзаргьы, Ҭырқəтəыла иҟоу Аҧсны ахаҭарнакра иахьа ишьҭырхуа, зыӡбара иаҿу азҵаарақəа маҷым.

“Аҧсуа Федерациа аиҳабыра, аҧсуа культуратə дернеқьқəа (хеидкылақəа) рхаҭарнакцəа зегьы реизыҟазаашьеи русеицзуреи бзиоуп. Аизарақəа аныҟоу даара ҳаҭыреиқəҵарыла еизнеины, рыхшыҩқəа еилаҵаны ргəаанагарақəа еибырҳəоит. Уи даараӡа сара сеигəырҕьоит. Иарбан қалақьзаалак, қыҭазаалак адернеқьқəа рхаҳтарнакцəа рахь ҳцаны, ҷыдала ҳрацəажəаны, уадаҩрақəас ирымоу еилкааны, зегьы шьаҿа-шьаҿала рыӡбара ҳгəы иҭоуп”,-иҳəеит Аҩӡба.

Ҭырқəтəыла инхо аҿар ракəзар, даара рыхшыҩ бзиоуп, аҵара-дырра амҩа иануп, Аҧсныҟа анеира даара иргəацҧыҳəоуп, рҩызцəеи рашьцəеи дареи иааигəаны еибадырырц, еигəныҩырц рҭахуп.

“Аҧсназы иҟаҳҵарызеи ҳəа ихəыцуеит. Ҽнакгьы ыҟам аҿар рхеидкылақəа рҟынтə аҭел ианамысуа,  “ҳара ҳахь шəанбааиуеи, ҳанбеицəажəари, ҳанбеибари” ҳəа, уи даараӡа сеигəырҕьоит, акыргьы аҵанакуеит ҳəа исыҧхьаӡоит”, - иҳəеит Ибрагим Аҩӡба.

 Ҭырқəтəылатəи Ареспублкаҿы аус зуа Аҧсны ахаҭарнакра анапы злаку аусқəа ирылнакаауеит даҽакгьы, уи аҿар рҵарадырра аизырҳара иазкуп.

“Сынтәа имаҷҩымкәа Аҧснынтə аҿар Ҭырқəтəыла иҟоу иреиҳау аҵараиурҭақəа ирҭалеит. Иҭабуп ҳəа иасҳəарц сҭахуп Аҧсадгьыл ахь ахынҳəразы аҳəынҭқарратə еилакы ахантəаҩы Вадим Николаи-иҧа Ҳаразиа, иарбан зҵааразаалак дахаҵгылоит, иаразнак аҭак ҳаиҭоит, ҳусеицзура бзиоуп. 25-ҩык Аҧснытəи астудентцəа рзы алимит ҳарҭеит, Сақариа, Анадоу, Сҭампыл, Есқьишьеҳир, Бартын, Анкара уҳəа еиуеиҧшым ақалақьқəа рыҟны иҟоу иреиҳау аҵараиурҭақəа ирҭаларц.  Аҧсны ашколқəа ирылгаз ҳҿар, Ҭырқəтəылаҟа иааз раттестатқəа разхаҵара цəгьан, аҳəынҭқарра ҳазханамҵаӡац азы. Уажəшьҭарнахыс иҟаз аицəажəарақəа рыла, Ҭырқəтəыла аҵара аминистр азин ҟаиҵеит, ари даара иус дуны ҳахəаҧшуеит”, - ҳəа азгəеиҭеит Аҩӡба.

 Иара убас, онкологиа ачымазара змоу ҳауаажəлар, Сҭампылтəи онкологиатə центр аҿы рыхəышəтəразы ирыдыркылоит, амшын мҩа ахацыркразы  аусурақəа цоит.

 “Аҳақьымцəа ҟазацəа, апрофессорцəа дуқəа ыҟоуп, аиқəшаҳаҭра ҳабжьаҳҵеит, излауала, аҧара маҷны ишəаны рҽырхəышəтəыр рылшоит Аҧснынтə иаауа ҳауаажəлар. Амшын мҩа анҳабжьала, ҳауадаҩрақəа рҕьырак ӡбахоит, Ҭырқəтəыла адәныҟатәи аусқәа рыҟны аиҳабыра, Анкара иҟоу Урыстəыла ацҳаражəҳəарҭа  абри аганахь ала ҳрацəажəеит. Макьана изаацəазаргьы аҳəара, ибзианы  ицоит ҳусқəа, аҧхьаҟагьы алшарақəа еиҳахап ҳəа агəыҕра сымоуп”, - ҳəа азгəеиҭеит Ибрагим Аҩӡба.

  Ҭырқəтəыла Аҳəынҭқарраҟны иҟоу Аҧсны Аҳəынҭқарра Азинмчызмоу ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡба ҳауаажəлар рахь аҳəара ҟаиҵоит аҿкычымазара излауала рхы ацəырыхьчарц,  аамҭа бзиак ҟаланы ҳаимадареи ҳусеицзуреи аҽарҕəҕəарц азы.  Ахаҭарнакра аҧхьаҟатəи аусура азы адырра шәаҳҭоит  анаҩстəи ҳаиҿцəажəара аҳəаақəа ирҭагӡаны.