Егьырҭ иаанхаз аҭыҧқәа рҟны амца еиҳа-еиҳа аҽарӷәӷәоит. Амцарцәара иалахуп зқьыла иҷыдоу атехника, урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп Урыстәыла, Украина, Азербаџьан уҳәа егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟынтә ацхыраара аазырҧшуа. Убри аан Ҭырқәтәыла ашоура ӷәӷәақәа ыҟоуп, амцакра ахьыҟалаз ақалақьқәа рҿы 45-47 градус рҟынӡа инаӡоит, ҳәа азгәеиҭоит Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьӡала Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу ахаҭарнакра аполитикатә зҵараақәа рзы абжьгаҩ Џьансыхә Лазба. Зегь реиҳа ааха змоу раионуп Манавгат, абнақәа, аҩнқәа, арахә-ашәахә, ашәаҧыџьаҧ уҳәа аҧхасҭа ду рнаҭеит. Еицырдыруа аҧсшьарҭатә қалақьқәа рҟынтә ауаа алгоуп. Иҟоу адыррақәа рыла, амцакра ахьыҟалаз аҭыҧқәа рҟны ҳџьынџьуаа машәыр рмыхьит. Ҳџьынџьуаа реиҳараҩык нхоит ахадаратә цәаҳәеи Амшын Еиқәа аҿықәи рҟны.