ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

УГУР БГАНБА ИҲАРАКУ АҞАЗАРА ААИРԥШИТ

Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ  Угур Бганба (Қобашь) адунеитә ӡбаҩуп, Европеи Ҭырқәтәылеи арбитражтә хеидкыла хада далахәылоуп, 2020ш.рзы  Иапониа аҳҭнықалақь Токио имҩаԥысуаз Олимпиатә хәмаррақәа

15-ҩык аӡбаҩцәа ргәыԥ далан. Ҳазҭагылоу аамҭазы имҩаԥысуа аиндаҭларақәа рҿы аӡбаҩ изаанаҭ иадҳәалоу иҳараку аҟазара ааирԥшит. Бганба, аӡбаҩцәа-анаԥшцәа иаадырԥшыз алкаақәа рыла, иара напхгара зиҭоз аматч аҟны, карате аспортхкы аганахьала ҭырқәтәылатәи аҭоурых хьтәы нбанла ихьӡ аниҵеит. Идаҳныҳәалоит гәык-ԥсыкала иеихьӡарақәа. Ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыԥшуп Олимпиатәи ахәмаррақәа рыӡбара хадара аназиуа амш.