Аартра мҩаԥысит 2013 ш. жьҭаарамза 3 рзы. Амузеи ахықәкы хадақәа ируакуп аҳәаанырцә инхо аԥсуаа рҭоурых-культуратә ҭынха аҭҵаара, аԥшаара, аиқәырхара, аӡыргара. Аҵарауаҩ ду Омар Беигәаа ихьӡ зху ари амузеи аекспозициатә залқәа ԥшьба рыла ишьақәгылоуп. Актәи азал еиднакылоит а-14-тәи ашәышықәса инаркны а-20-тәи ашәышықәса иаҵанакуа Аԥсны аҭоурыхтә материалқәа, аҩбатәи азал - аҳәаанырцәтәи ҳдиаспора ахаҭарнакцәа ирызкуп, еицырдыруа аҵарауаа, аполитикцәа, аспортсменцәа, ауаажәларратә усзуцәа, ахԥатәи хаз игоу азал аҟны Омар Беигәаа ибиуст ықәгылоуп, уаҟа иҵәахуп иара ихатәы маҭәақәа, ифотосахьақәа, инапылаҩырақәа, асалам шәҟәқәа, аԥшьбатәи азал еиднакылоит а-20-тәи, а-21-тәи ашәышықәсақәа ирыҵаркуа ҳдиаспора рҭоурых (ҳазҭагылоу аамҭазтәи азал).
Иара убас, амузеи аҟны хазы еиҿкаауп Ҭырқәтәылантә, Шьамтәылантә, Иорданиантә уҳәа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз аибашьцәа ирызку астенд. Убри инаҷыданы, араҟа иуԥылоит Ҭырқәтәыла еиҿкаау аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациеи, Кавказтәи акультуратә хеидкылақәа рфедерациеи русура еиҭазҳәо астенд.
Ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә музеи ахьыҟоу ауада Омар Беигәаа ҳамҭас иҭан 1992ш.рзы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аламҭалазы. Аха, рыцҳарас иҟалаз мышкгьы дызнымхеит.
Амузеи аекспонатқәа рыбжьара иҟоуп заатәи абжьаратә шәышықәса иаҵанакуа Аԥсны асахьа зну ахсаалақәа, аԥсуа ҭауадцәа рыжәлақәа иртәу агербқәа. Омар Беигәаа иҭаацәа рҟынтә амузеи иаҭан имаҷымкәа аекспонатқәа, ахәҭакахьала «Ахьӡ-Аԥша» аорден актәи аҩаӡара, иара убас Омар Беигәаа икәымжәы, ихатәы салам шәҟәқәа, икьыԥхьгатә машьынка уҳәа убас иҵегьы.