Гагра араион активи адепутатцәеи раҧшьгарала Гагра ақалақь аҟны имҩаҧысит асасцәа злахәыз аиҧылара.
Уаҟа ирылацәажәан арепатриациа, адемографиа, аҧсуа бызшәа ирыдҳәалаз азҵаарақәа. Аиҧылара ааиртит Гагра ақалақь араионтә еизара ахантәаҩы Асҭан Агрба. Аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит Гагра араион ахада ихаҭыҧуаҩ Алхас Барцыц, ауаажәларратә усзуҩы, аҭоурыхдырҩы-кавказҭҵааҩы Гурам Гәымба, ауаажәларратә палата ахаҭарнак Едуард Қвираиа, аҭоурыхдырҩы Руслан Гәажәба, Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист Виачеслав Сақаниа, Гагратәи актәи абжьаратә школ адиректор Хана Гәымба, Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа, ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Асҭамыр Багаҭелиа, аҳәынҭеилакы анхарҭатә ҟәша аиҳабы Денис Ҵәыџьба.
Аиҧылара алахәцәа инаҵшьны иазгәарҭеит ҳҳәынҭқарра аҿиараҟны арепатриациа актуалра ҭыҧс иааннакыло. Ас еиҧш иҟоу ауснагӡатәқәа Аҧсны егьырҭ араионқәа рҟны иазгәаҭоуп.