ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

АҲӘААНЫРЦӘЫНТӘИ АҦСНЫТӘИ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ УНИВЕРСИТЕТ ИҬАЛО ҲЏЬЫНЏЬУАА РЗЫ АҴАРА АПРОГРАММА ЕИҚӘЫРШӘОУП

Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы апрограмма шьақәнаргылеит аҳәаанырцәынтәи  Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет иҭало ҳџьынџьуаа астудентцәа рзы.

Аҵара аҿҳәара иалырхуа афакультет иахьыҧшуп, хымҧада уахь иаҵанакуеит аҽазыҟаҵаратә курсқәа. Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы аҵара ахәҧсеи, ауниверситет иаҵанакуа азеиҧшнхарҭа ахәҧсеи ахахьы иагоит, иара убас зҽалызкааз астудентцәа астипендиа рызнашәоит.

Афакультетқәа рыхьӡқәа: афизика-математикатә, абиологиа-географиатә,  аҭоурыхтә, афилологиатә, азиндырратә, аекономикатә, арҵаҩратә, агроинџьныртә, аҟазара аҟәша.

 

Ихаҭәаау аинформациа шәоурц шәылшоит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадара аҟәшаҿы.

Аҭел:   +7 940 995 49 95

EmailHierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees.