ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

НАНҲӘАМЗА 14-АЛАХЬЕИҚӘҴАРЕИ АГӘАЛАШӘАРЕИ ИАМШУП

1992 шықәса, нанҳәамза 14 Аԥсны аҭоурых ҿыц адаҟьақәа зегь реиҳа ишьаарҵәыратәу рыцҳәны ианхалоит.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра-ари 413 мшы фырхаҵарылеи агәаӷьра зцыз ахҭысқәеи   рыла иҭәыз аамҭоуп, Аԥсныжәлар риааиреи, рхақәиҭреи, рхьыԥшымреи ахьӡала  ауаатәыҩса рыԥсҭазаарақәа зыхҭынҵаз.

Ари амш аҽны, 29 шықәса раԥхьа, Ҭенгиз  Қьеҭовани напхгара зиҭоз Қырҭтәыла амилаҭтә гвардиа архәҭақәа аихамҩа ахьчара ҽыҵгас иҟаҵаны Аԥсны аибашьра иалагеит.   Раԥхьа    Аԥсны иақәлаз ҳаӷацәа рхыԥхьаӡара ҩнызқьҩык рҟынӡа инаӡон, аибашьыгатә кәылӡтәы  техника акәзар 58 инареиҳан, иара убас имаҷмызт артиллериа. Абас еиԥш иалагеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра , имҩасуан 413 мшы,  апсуа жәлар Аиааира ргеит 1993 шықәса, цәыббрамза 30 рзы.

Аибашьратә хҭысқәа ирылахәын 12 нызқьҩык инареиҳаны. Аԥсны атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, 2700-ҩык ҭахеит, 5000-ҩык инареиҳаны ахәрақәа роуит. 200-ҩык инареиҳаны хабарда ибжьаӡит.

Аԥсны  ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы  аԥсуа жәлар ирыдгыланы хатәгәаԥхарала  еибашьуан Нхыҵ-Кавказтәи Ареспубликақәа рҟынтәи ҳашьцәа, Алада Урыстәылантә, иара убас аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҿы инхоз ҳдиаспора.  

Алахьеиқәҵаратә амш аҽны рҿаԥхьа ҳхырхәоит агәаӷьра аарԥшны фырхаҵарыла ҳаӷа иабашьуаз, рхатә ԥсҭазаарақәа ахҭынҵаны  Аԥсны Аиааира азаазгаз зегьы.