ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

АПАРТИА "ВАТАН" ҚОЏЬАЕЛИ АҚАЛАҚЬ ИҞО АҦСУА КУЛЬТУРАТӘ ЦЕНТР ИАҬААИТ

Апартиа "Ватан" аҭааит аҧсуа культуратә центр, уаҟа адернеқь еиҳабыс деиҭалхуп  Ҳасан Қардиа ( Қонџьа). Аделегациа аилазаараҟны иҟан  апартиа "Ватан"  аиҳабы ихаҭыҧуаҩ, астратегиатә центр аусзуҩы Утку Реиҳан, ақалақь ахада Иалчын Арслан, уи ихаҭыҧуаҩ Ведаҭ Олгкнтиурк, амаӡаныҟәгаҩ хада Себаҳаҭ Чичоглу.

Аиҧылараҟны ирылацәажәан адунеитә еилазаараҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра азхаҵара иадҳәалаз азҵаатәқәа. "Амшынеиқәа-Адгьылбжьарамшынтә еиҩызареи апартиа Ватан аҭынчратә плани" апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, 2019 ш.  ҧхынҷкәынмза 17 рзы,   " Аҧсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара адәныҟатәи аполитиказы аилаки ҭырқәтәылатәи апартиа "Вататани" рыбжьара  аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын.

Апартиа "Ватан" аиҳабы ихаҭыҧуаҩ  Реиҳани, ақалақь ахада Арслани инаҵшьны иазгәарҭеит адунеи аҿы имҩаҧысуа ахҭысқәеи,  иара убас атәыла аҿиараҟны апартиа ҭыҧс иааннакылои ртәы.  Зегь раҧхьа иргыланы, Ҳасан Қардиа идырныҳәалеит аҧсуа культуратә центр еиҳабыс ҿыц дахьеиҭалырхыз, иусураҿы аихьӡарақәа изеиӷьаршьеит.

Аҧсуа куьтуратә хеидкыла ахада даара ҭабуп ҳәа реиҳәеит апартиа "Ватан" ахада  Догу Перинчек аҧхьа днаргыланы иаадырҧшуа азҿлымҳаразы, Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵаразы имҩаҧырго аусуразы, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рала ҩтәылак  реимадареи русеицзуреи  арӷәӷәараҟны  рҽазышәаразы. Иара убас, иазгәеиҭеит аҧсуа культуратә центр рҭаара аҵак ду шамо.

 Аиҧылара даара аиҩызаратә ҟазшьа аманы имҩаҧысит. Апартиа "Ватан" аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Утку Реиҳан ҳамҭас Ҳасан Қардиа ианеишьеит Догу Перинчек авторс дызмо ашәҟәы, иара убас апартиа ахада инапы зҵаҩу ақьаадқәа рзы апапка.