ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Нанҳәамза 26 - Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымра азхаҵара иамшуп

Иахьа, ҳҳәынҭқарраҿы иазгәарҭоит Аҧсны аҭоурых ҿыц адаҟьақәа ирнылаз аҵак ду змо  аныҳәа ду.

13 шықәса раҧхьа, Урыстәылатәи Афедерациа Аҧсны Ахьыҧшымра азханаҵеит, убринахыс ари амш ҳҳәынҭқарра Ахьыҧшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара змо  мшны иазгәарҭоит.

2008 ш. нанҳәамза 26 рзы, Урыстәылатәи  Афедерациа Ахада Дмитри Медведев алаҳәара ҟаиҵеит Аусҧҟа инапы шаҵаиҩуа Аҧсныи Нхыҵ - Уаҧстәыла  Аҳәынҭқаррақәа  Рхьыҧшымра азхаҵаразы.

Ари  амш аҽны, Аҧсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ-Уаҧстәыла Аҳәынҭқарреи  Рхьыҧшымра Урыстәылатәи Афедерациа ишазханаҵаз заҳаз ауаажәларра Аҟәа ақалақь Аиааира ашҭаҿы еизеит ахҳәынҭқаррак  рбираҟқәа кны.

Нанҳәамза 26 рзы, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаҧшь (1949-2022) -зыхьӡ ҷыдала Аҧсны Ахьыҧшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара иадҳәало, Москвантәи Аҧсныҟа  дшыхынҳәыҵәҟьаз еиҧш,  Аиааира ашҭахь днеит,  аҭоурыхтә ҵакы змо ахҭыс ду ажәлар ирыдиныҳәаларц.  Ари арыцхә,

аҧсуа жәлар рлахьынҵа зыдҳәало мшуп. Ахьыҧшымра азхаҵара - иҿыцу аҭоурыхтә аамҭа иахыҵхырҭоуп, ҳажәлар жәытәӡаахыс изызгәышьуаз  аҭынчреи аизҳазыӷьареи ираамҭоуп.

2008ш. нанҳәамза 26 акәзар, наунагӡа аҭоурых ианхалоит  аиашара иаҿахәҳәагоу ҭоурыхтә мшны.