ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

АҦСНЫТӘИ АДЕЛЕГАЦИА УСУРАТӘ НЫҞӘАРАЛА ИОРДАНИА ХАШИМИТТӘИ АКРАЛРАҾЫ ИҞОУП

Жьҭаарамза 2 рзы Иорданиа аҳҭнықалақь Амман иазгәаҭаз Аҧсуа культуратә центр "Диуан-Абаза" ахантәаҩы иалхрақәа рахь, Иорданиа инхо аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа иҟарҵаз ааҧхьарала уи рхы аладырхәит Аҧсны Аҳәынҭқарра аделегациа.

Аделегациа хадара азиуан Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Асҭамыр Багаҭелиа, уи аилазаараҿы дыҟан ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадарақәа рзы аҟәша аиҳабы Инал Хәытаба.
Аиҧылара алагамҭазы аделегациа ахада Асҭамыр Багаҭелиа иазгәеиҭеит, Аҧсуа культуратә центр аҟазаара иамоу аҵакы, иара убас агәыӷра ааирҧшит аҧхьаҟагьы арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилаки дареи русеицзура ишацҵахо, реимадара аҽшарҭбаауа.
Ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадара аҟәша аиҳабы Инал Хәытаба, Аҧсуа культуратә центр "Диуан-Абаза" анапхгареи алахәцәеи дырзаҧхьеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инацҳамҭатә шәҟәы. Аиҧылара иалахәыз даара гәахәала ирыдыркылеит Аҧсны Ахада инаишьҭыз асалам шәҟәы.
Алхрақәа, аиҿкааратә қәҵараҿы изларбо ала, аделегациа алахәцәа рхыҧхьаӡара ахьазымхаз иахыргеит, аиҭалхрақәа азҧхьагәаҭоуп ҩымчыбжьа рнаҩс.
Аҧснытәи аделегациа Иорданиа рыҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны иазгәаҭан акультуратә центр анапхгареи дареи реиҧылара, уаҟа инарҭбааны иазааҭгылан Аҧсуа культуратә центр "Диуан-Абазеи" Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки русеицузура, ирыбжьоу аиқәшаҭрақәа рпроектқәа рынагӡара, атәылауаҩшәҟәы азҵаара, иара убас Иорданиа инхо адиаспореи арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилаки ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа рыҿиара ахырхархарҭақәа. Аиҧылара ахыркәшамҭазы, Иорданиа инхо аҧсуа диаспореи Аҧсны Аҳәынҭқарреи реизыҟазаашьа арӷәӷәареи аҿиареи аусхкаҟны илагалазы, арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Асҭамыр Багаҭелиа, Аҧсуа культуратә центр "Диуан-Абаза" ахантәаҩы Ҳасан Чычба Абаза гәаларшәагатә ҳамҭас ианеишьеит Аҧсны амилаҭтә банк иатәу "Аиааира 25ш" ахыҵра иазку аҧсар.
Ишәгәалаҳаршәоит, Аҧсуа культуратә центр "Диуан-Абаза, Иорданиатәи Хашимиттәи Акралра аҳҭнықалақь Амман аҟны ишышьақәырӷәӷәаз 2010ш.рзы. Ацентр аартра хықәкыс иамоуп Иорданиа инхо адиаспора реидкылара, аофициалтә ҟазшьа аҭаны рҭоурыхтә ҧсадгьыли дареи реимадареи русеицзуреи арӷәӷәара. Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки Аҧсуа культуратә центр "Диуан-Абазеи" аусеицзуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит 2016ш.рзы, Аҟәа ақалақь. Аҧсуа культуратә центр 900-ҩык рҟынӡа алахәцәа еиднакылоит. Ацентр ахадас дыҟоуп Ҳасан Чычба Абаза, Иорданиатәи Ар аинрал ҧхьатәа. Аҧсуа культуратә центр "Диуан-Абаза" ахантәаҩы иалхрақәа мҩаҧысуеит есҩышықәса.