ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

АԤСШӘА БЗИА ИЗБОИТ САРА!

Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы алаҳәара  ҟанаҵоит адиаспореи арепатриантцәеи рхаҭарнакцәа  рыбжьара онлаин ала аҧсышәала ажәеинраалақәа раҧхьара иазку аицлабра. Аицлабра мҩаҧысуеит аҧсуа бызшәа амш инамаданы, жьҭаарамза 31-нӡа.  Аицлабра рхы аладырхәырц еиуеиԥшым ақәратә категориақәа.  Аҧхьатәи аҧхьахәтә ҭыҧқәа хҧа шьақәыргылахоит акомиссиа алахәцәа рыбжьаҭаралеи аҳамҭақәеи рыла, ахәаҧшцәа рыбзиабара даҧсахоит звидео анҵамҭа Феисбук адаҟьаҿы еиҳа ирацәаны ахәаҧшцәа рыбзиабара иаҧсахаз.

Аицлабра зхы алазырхәырц агәаҳәара змо зегьы алшара рымоуп аҧсышәала ажәеинраалақәа зну авидео анҵамҭа аелектронтә ҧошьҭахь аашьҭра Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees.. Хымҧада иазгәаҭатәуп аицлабра иалахәу  ихьӡ, ижәла, иқәра, дахьынхо ақалақь мамзаргьы ақыҭа ахьӡ.

Ақәҿиарақәа шәзеиӷьаҳшьоит!