Шәара шәахь исымоу аҳаҭыр шаҳаҭра азуа, Шьамтәылатәи Арабтә Республика аҳҭнықалақь Дамаск иҟалаз атерракт инамаданы гәыла-ҧсыла сшәыдгылоуп. Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы Шьамтәыла аҭыҧ змаз арыцҳара ауаажәларра гәалсра дула ирыдыркылеит, иагьақәыӡбоит. Аҳәара ҟасҵоит иҭахаз рҭаацәа ҳашрыдгыло ҳазрашәҳәарц, иара убас ааха зауз иаарласны агәабзиара роурц азеиӷьашьара шыҟаҳҵо.
Ахада А. Бжьаниа