ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Ақырҭуа архәҭақәа Аҧсны аҳәынҭқарратә архив рыблит

1992ш. жьҭаарамза 22 рзы ақырҭқәа ирыблыз аҳәынҭқарратә архивтә усбарҭа хада шықәсырацәала  еизгаз  адокументқәа  шьаҭанкыла иалаӡит, шәышықәсеи бжаки инареиҳаны ҳажәлар рҭоурыхи рыҧсҭазаареи аазырҧшуаз  зегьы ықәхын.

Аамҭаказы,  Аҟәа иҟаз архив еиднакылон 176 нызқь инареиҳаны артефактқәа, 693 фонд рыла еихшан. Урҭ - зқьыла ихьанҭаз ашәҟәқәа, афольклортә анҵамҭақәа, афотосахьақәа ракәын. Зегь реиҳа иажәыз ахҩылаа 1810-тәи ашықәс иаҵанакуан. А-19-тәи ашәышықәса иаҵанакуаз адокументқәа реизга акыр иуникалтәын. Аҿатә аамҭа иаҵанакуа аҧсуа архив хацыркын 1921ш. лаҵарамзазы, усҟан атәылаҿы иаҧҵан адҵа, хаҭалатәи ахаҿқәа ирымоу архивтә документқәа Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа рзы акомиссариат аусмҩаҧгара иаҭазарц. Ҳазҭагылоу аамҭазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны урҭ рыҧхьаӡацтәразы аусурақәа цоит.