Ишдыру еиҧш, ахатәы бызшәа змам, мамзаргьы изцәыӡыз амилаҭ, милаҭ наӡаны иҧхьаӡам. Аҧсуа бызшәа-ижәытәӡатәу абызшәақәа ируакуп. Ари амш асимволтә ҵакы амоуп, аҧсуа бызшәа агәеисыбжь еснагь игалароуп, аҧсы ҭазароуп, аҧхьаҟа аҧеиҧш бзиа амзароуп. Ҳара ҳхатәы бызшәала ҳанцәажәа, ҳбызшәа мыҿиарц залыршахом. Ҳхатәы бызшәа ҳабла ҷыц еиҧш ҳахӡыӡаароуп. Аҧсуа бызшәа иамоу ахаара, ашьҭыбжь ссир наунагӡа ҳаҧсадгьыл Аҧсынтәыла ахьхьа-хьхьаҳәа иқәыҩлааит!
Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы иҷыдоу азҿлымҳара анаҭоит аҧсуа бызшәа, аус аднаулоит еиуеиҧшым апроектқәа. Иаҳҳәозар: амобилтә гәлаҵа аҧҵара, аҧсуа бызшәа иазку онлаин акурсқәа, аҧсышәала ажәеинраалақәа раҧхьара иазкуа аицлабра уҳәа, убас иҵегьы.
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи аусуратә еилазаареи нырцәи-аарцәи инхо ҳауаажәлар зегьы Аҧсуа бызшәа амш шәыдырныҳәалоит!