Ефқан Цыба диит Адаҧазар, Џьгьарда ақыҭан, нанҳәамза 14, 1969 шықәса рзы. Иара иирамшы шазгәаиҭоз ауп Аҧсны аибашьра ҟалеит ҳәа шиаҳаз. Ефқан гәыҩбарак ҟамҵакәа иҩызцәа дрыцны иабдуцәа рџьынџь дгьыл ахьчара ддәықәлеит. Аҧсны еиҳа ашәарҭара ианҭагылаз, амца шыра ианалагылаз аамҭазы агәаӷьреи ачҳареи аарҧшны, раҧхьатәи агәыҧ дацны иҧсадгьыл ахь дааит. Нанҳәамзеи абҵарамзеи рыбжьара имҩаҧысуаз аибашьратә жәыларақәа дрылахәын. 1992 шықәса, абҵарамза 3 рзы Шрома ахақәиҭтәразы ицоз ажәылараҿы дҭахеит. Ефқан ихыҵуан 22 шықәса. Аҧсуаҵасла иааӡаз, аҧсуа гәаӷь зызҭаз Ефқан Цыба ифырхаҵара Аҧсны аҭоурых адаҟьақәа хьтәы нбанла ианхалоит. Игәалашәара лаша аҿаҧхьа ҳхырхәоит! Аҧсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз ҳаибашьцәа рыхьӡ-рыҧша нагӡара ақәзааит!