ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

АБОКСТӘ ЕИНДАҬЛАРА

Ахәаша, абҵарамза 26 рзы, Москва  имҩаҧысуеит Енвер Бзагәеи Челиабинск ақалақь аҟынтә Артиом  Вычкини злахәу  абокстә еиндаҭлара.

Бзагәа излаиҳәо ала, абокс даҿуижьҭеи уажәшьҭа жәашықәса ҵуеит. Ихы бзианы ибоит, аиааира дазҿлымҳауп. Аҽазыҟаҵарақәа даара ихацыркны имҩаҧысуан, аинадҭлараҿы иазыҟаҵаҩи иареи алҵшәа бзиа иазыҧшуп.

Аҧсны абокс азы Афедерациа ахада  Альберт Қардиа иажәақәа рыла, иара  хаҭала Енвер дазыҟаиҵоит,  Артиом Вычкин қәрала деиҳабуп, иреитинг еиҳауп Бзагәа иаасҭа.  Абҵарамза 25 рзы абоксиорцәа рҽыркапануеит, абҵарамза 26 рзгьы аицлабра мҩаҧысуеит. Вычкини Бзагәеи реиндаҭлара ҟалараны ишыҟаз еилкаахеит мызки бжаки раҧхьа, убри аҟынтә Артиом иқәҧашьа астиль аҭҵааразы иааиҧмырҟьаӡакәа аҽазыҟаҵарақәа ирыцырҵон. Атәылаҿы иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа азгәамҭакәа, аҽазыҟаҵарақәа рацәаны имҩаҧган.  Хықәкыла далхын ареитинг ҳаракы змаз абоксиор, Қардиа иакәзар, аиааира шыртәхо агәра игоит.

Аҧсадгьыл  ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы Енвер Бзагәа абокстә еиндаҭлараҿы гәык-ҧсык ала  аиааира изеиӷьанашьоит.