ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Лаҭатәи ахлымӡаах

Ҧхынҷкәынмза14, 1992ш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра  аҭоурых адаҟьақәа рҿы, ҳажәлар ргәалашәараҿы  наунагӡа  илахьеиқәҵаратә мшны иаанхоит.

Ари амш аҽны Мрагыларатәи ахәҭаҿы  амацәаз иҭакыз Тҟәарчалынтәи Гәдоуҭа ақалақь ахырхарҭала  иҵҧрааз ахҵәацәа зҭаз урыстәылатәи  аҳаирплан МИ-8 ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Кәыдры аҩхааҿы  иҭадырхеит. Ас еиҧш зхаҿы аагара уадаҩу  ахҭыс ҟалеит аҳаирплан аныҵҧраа анаҩс 20 минуҭ ааҵуаны еиҧш. Лаҭатәи атрагедиа еимгеимцарак иалагӡаны рыҧсҭазаара ҿахнаҵәеит 85-ҩык ауааҧсыра, урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟан 35-ҩык ахәыҷқәа, иара убас ааҩык  зцәа зтәымыз аҳәса. Шаҟа ҭаацәара рҭыӡгәашә анаркызеи, шаҟаҩы ргәыхәтәы иахьнамыгӡазеи,  шаҟаҩы рыччабжьы   ҿахнаҵәазеи, шаҟаҩгьы  аира иахьымӡакәа иццышәыртәызеи?.. Ашьхаҭыҧаҿы ҳаӷацәа иҭадырхаз аҳаирплан аҟны зыҧсы шҭаз иблыз     рыҧсыбаҩқәа анышә иамадоуп Гәдоуҭа ақалақь аиашьаратә нышәынҭраҿы.

Ажәҩан иалыҩуа амаалықьцәа рыҵәаабжьы, ҳтәылауаа ргәынқьбжьы, ахааназы рӷьашьа змам хьаа цәгьаны ҳажәлар ргәалашәараҿы иаанхоит. Ари амш аҽны ҳтәыла анапхгара, иҭахаз рҭаацәа, ауаажәларра аҭаауеит аҳаирплан ахькаҳази, мчымхарыла иҭархаз анышә иахьамадоу аҭыҧқәа.

Шәгәалашәара лаша ҳацуп.