ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

ИАХЬА ШЬАМТӘЫЛА ИҚӘЫНХО АԥСУАА (АБАЗА) ХЫЛҴШЬҬРАҚӘА АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АТӘЫЛАУАҨШӘҞӘЫ АИУРАЗЫ ИАХӘҬОУ АҚЬААДҚӘА РЕИҚӘЫРШӘАРЕИ, РХАРҬӘААРЕИ РЗЫ АРЗАҲАЛҚӘА

Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахаҵгылара ҟанаҵоит азеижәтәи ашәышықәсазтәи арыцҳаратә хҭысқәа ирыхҟьаны мчымхарыла зҭоурыхтә ҧсадгыл иахгаз, иахьа Шьамтәыла иқәынхо аԥсуаа (абаза) хылҵшьҭрақәа рҭоурыхтә жәла аиҭашьақәыргылареи, Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩшәҟәы аиуразы иахәҭоу ақьаадқәа реиқәыршәареи, рхарҭәаареи рзы арзаҳалқәа ралаҵараҟны.
Уи азы иахәҭоуп:


Шьамтәылатәи Аҳәынҭқарра атәылауашәҟәи аидентификациатә картеи рыманы хаҭала аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ашҟа ааира. Ахеилак ашҟа иааиз аинформациатә бӷьыц хаирҭәаароуп, анаҩс уи Шьамтәыла иҟоу Аҧсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩрахь идәықәҵахоит дшаҧсыуахылҵшьҭроу (абаза) аилкаареи, иҭоурыхтә жәла ашьақәырӷәӷәареи рзы. Арзаҳал алазҵаз дшаҧсыуахылҵшьҭроу, насгьы иҭоурыхтә жәла анышьақәдырӷәӷәалак ашьҭахь, ҳџьынџьуаа рҭаҩра аҟәшаҿы анкета харҭәаатәхоит.

Шәара ишәыцзароуп:
1.Шьамтәылатәи Ареспублика
атәылауаҩшәҟәы;
2. Афотосахьақәа- 8 (аҭыҧан); ҧшьцырак - 4х6; ҧшьцырак - 4х5;
3. Аиразы аршаҳаҭга;
4. Шьамтәыла иҟоу Аҧсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩра аҟынтә азыҳәа.