ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

АКИКБОКСИНГ АЗЫ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АТУРНИР

2022ш. хәажәкырамза 12 инаркны 15-нӡа Ҭырқәтәылатәи Ареспублика, Сҭампыл ақалақь аҟны имҩаҧысуа акикбоксинг азы Жәларбжьаратәи атурнир ихы алаирхәуеит Енвер Бзагәа.   Ҳазҭагылоу аамҭазы, Енвер Бзагәа, ихымҧатәиу аррамаҵзура дахысуеит Ҭырқәтәыла, убри аҟынтә Ҭырқәтәылатәи Арбџьарымчқәа рыхьӡала дықәгылоит. Ҧшьымз рнаҩс, аррамаҵзура дшахысыз еиҧш, Енвер игәы иҭоуп иҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь Аҧсныҟа ахынҳәра.

Енвер Бзагәа, Аҧсны еизгоу апрофессионалтә бокс дачемпионуп, Аҧсны ачемпион имаҟа имоуп, Жәларбжьаратәи атурнир аҟны абокс азы "Аҧсны Аҳәынҭқарра акәбок" даиааихьеит. Ҭырқәтәыла абокс Алигаҟны аантәы имҩаҧысуаз аиқәҧараҿы аантәы аиааира игахьеит, абокс азы Ҭырқәтәыла имҩаҧысуаз ачемпионат аҟны ҩынтәны араӡынтә ҧхьахәы даҧсахеит, абокс азы Ҭырқәтәыла имҩаҧысуаз ачемпионат аҟны ҩынтәны аџьазтә ҧхьахәв даҧсахеит, Анкара ақалақь аҟны имҩаҧысуаз ачемпионат аҟны жәибжьнтәны даиааихьеит, арегионалтә чемпионат аҟны фынтәны аиааира игахьеит, Неллихан имҩаҧысуаз апрофессионалтә бокс ахәылҧаз аҟны ҩынтәны даиааихьеит, Украина жәларбжьаратәи атурнир аҟны араӡынтә ҧхьахәы даҧсахеит, Румыниа жәларбжьаратәи атурнир аҟны аџьазтә ҧхьахәы, Аҳмеҭ Џьомерҭ ихьӡ зху Жәларбжьаратәи атурнир аҟны аџьазтә ҧхьахәы ианашьан (Сҭампыл). Енвер ареитингтә қәҧарақәа ҩба дрылахәын: апрофессионалтә бокс ахәылҧазы аҟны "Дерись и побеждай" адебиуттә реитингтә қәҧараҿы аиааира игеит, ақ. Москва, УСК "Крылья советов", 27.06.21ш. Атурнир "Бойцовский клуб РЕН ТВ" аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуаз ареитингтә қәҧара аҟны даиааит, ақ. Москва, абҵарамза 26, 2021ш.

Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы Енвер Бзагәа  аихьӡарақәеи аиааирақәеи изеиӷьанашьоит!