ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

АҦСАДГЬЫЛ АХЬ АХЫНҲӘРАЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ЕИЛАКЫ АНАПХГАРЕИ АУСЗУЦӘЕИ АДУНЕИ ИҚӘЫНХО АҦСЫЛМАНЦӘА ЗЕГЬЫ ИРЫДЫРНЫҲӘАЛОИТ ИҦШЬОУ РАМАДАН АНЫҲӘА.

Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи аусзуцәеи адунеи иқәынхо аҧсылманцәа зегьы ирыдырныҳәалоит иҧшьоу Рамадан аныҳәа. Шәныҳәаҧхьыӡқәа зегьы ҳазшаз иҟынӡа инаӡааит.

Шәара шәдинхаҵара еснагь шәыгәқәа арҧхалааит, гәыла-ҧсыла бзиа шәызбо еснагь  шәааигәа иҟазааит. Аҧсҭазаараҟны амҩа лаша шәзаатааит, шәусқәа зегьы рынагӡараҟны аҭагылазаашьа бзиа шәымазааит. Ишәзеиӷьасшьоит ахәыцра лашақәа, шәҿаҧхьа иқәгылоу ахықәкы анагӡараҟны аманшәалара, ишәаҭәашьазааит  адоуҳатә беиара!