ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

АҦСАДГЬЫЛ АХЬ АХЫНҲӘРАЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ЕИЛАКЫ ГӘАЛСРА ДУЛА АДЫРРА ҞАНАҴОИТ ЛЫҦСҬАЗААРА ДШАЛҴЫЗ ЖАНСЕТ КАЗАНҦҲА

Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы гәалсра дула адырра ҟанаҵоит лыҧсҭазаара дшалҵыз Шьамтәылатәи Арабтә Республика адепутат, Шьамтәыла ицоз аибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара аҳаҭыразы еиҿкаау Агәыҳалалратә фонд анапхгаҩы, Аҧсны Аҳәынҭқарра «Ахьӡ-Аҧша" аорден а-3-тәи аҩаӡара занашьоу Жансет Казанҧҳа.

Лыҧшәма, Шьамтәылатәи Ареспублика аинрал, шықәсқәак раҧхьа здунеи зыҧсахыз  Уалид  Маршьани  Жансет Казанҧҳаи рҭоурыхтә ҧсадгьыл гәыла-ҧсыла иадҳәалан, уа инхо ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадара аус азы акырӡа  рылша  рацәан. Иахьынхоз атәылаҿы ҳаҭыр-пату рықәын, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усқәа рнапы рылакын. Аҧсны имҩаҧысуаз аҭоурыхтә ҵакы змаз ахҭысқәа излауаз ала рхы агдырхомызт, аҿар ирыларааӡон Аҧсадгьыл иамаз аҵакы закәыз.  Шьамтәылатәи Арабтә Республика ашьақәыргылареи ахьчареи рус иадгылан, уаҟа ицоз аибашьраҿы рҧацәа руаӡәк хьыӡла-ҧшала дҭахахьан.

Жансет Казанҧҳа, аҧсҭазаараҿы акыр аҧышәарақәа дшырхысхьазгьы, ҩныҵҟала акыр дыӷәӷәан, лгәырҩа даиааины лыуаажәлар дрылагылан, дыҧҳәыс аамысҭашәан, дҟәыӷан, лҭеиҭыҧш иацназгоз агәаҭа лызҭан. Лгәалашәара лаша наунагӡа иҳацзаауеит.