«Аҧсны Аҳәынҭқарреи Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы инхо аҧсуа диаспореи реимадара аус аҟны илагала ду азы Қоџьаели ақалақь аҟны еиҿкаау аҧсуа культуратә центр ахантәаҩы Ҳасан нРауф-иҧа Қардиа ианашьазааит "Ахьӡ-Аҧша" аорден III аҩаӡара».
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахьӡала, Ҳасан Қардиа гәык-ҧсык ала идаҳныҳәалоит иааҧсарақәа азгәаҭаны ианаршьаз аҳамҭа. Инапы злаку аусқәа зегьы рҟны изеиӷьаҳшьоит аихьӡарақәа, аманшәалара.