ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

ЕНВЕР БЗАГӘА, АКИКБОКСИНГ АЗЫ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АТУРНИР АҞНЫ АЏЬАЗТӘ ҦХЬАХӘ ДАҦСАХЕИТ.

Енвер Бзагәа,  акикбоксинг азы Жәларбжьаратәи атурнир аҟны аџьазтә ҧхьахә даҧсахеит.  Атурнир мҩаҧысуан лаҵарамза 15, 2022ш. рзы Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы, Сҭампыл ақалақь аҟны.

Ҳџьынџьуаҩ Енвер Бзагәа, хышықәса раҧхьа иҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь нхара ҳәа дааит, апрофессионалтә бокс азы Аҧсны еизгоу акоманда далахәылоуп. Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы, Енвер Бзагәа, атурнир аҟны иигаз аҧхьахәтә ҭыҧ идныҳәалауа,  испорттә кариераҿы изеиӷьанашьоит ақәҿиарақәа, аихьӡарақәа.