ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

АҦСНЫТӘИ АИҦХНЫҨРА

Лаҵарамза 24 рзы, Ҭырқәтәыла, Қоџьаели ақалақь Қарҭеҧе аҽырҩырҭаҟны имҩаҧысуеит "Аҧснытәи аиҧхныҩра" захьӡу аҽырыҩра, уи азкуп Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара.

Аҽырыҩра еицеиҿыркааит Қоџьаели ақалақь аҟны иаҧҵоу аҧсуа культуратә центр, Ҭырқәтәыла Ақыҭанхамҩа аминистрра, Қоџьаели ақалақь администрациа. Қоџьаели ақалақь аҟны аус зуа аҧсуа культуратә центр ахантәаҩы, "Ахьӡ-Аҧша" аорден lll аҩаӡара занашьоу Ҳасан Қардиа иазгәеиҭеит, Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара аҳаҭыр азы Ҭырқәтәыла раҧхьаӡа акәны ишаҧҵоу аҽырыҩра, насгьы аусмҩаҧгатә аиҿкаараҟны еиуеиҧшым ауадаҩрақәа цәырҵзаргьы, рыӡбара шалыршахаз.

Аиҧхныҩра иалагоит 19:30 сааҭ рзы. Аиҧхныҩра абжьаӡара 1900 метра ыҟоуп. l аҭыҧ азы аҧхьахә иартәоит - 77000 аҭырқәа лир, ll аҭыҧ - 30800 аҭырқәа лир, lll аҭыҧ -15400 аҭырқәа лир. Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы «Facebook» адаҟьаҿы ишиашоу ицо аефир ала аусмҩаҧгатә ӡырнагоит.