Аизараҟны ирылацәажәан абарҭ азҵаарақәа:
- Ҭырқәтәыла иҟоу аҧсуа культуратә центрқәа рфедерациеи, Аҧсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнакреи, Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки русеицзура аҳәаақәҵара;
- Атәылауаҩшәҟәы иадҳәалоу азҵаарақәа;
- Аҵара аус иазку азҵаарақәа;
- Ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь рыхынҳәреи рҭаареи рзы амҩатә зҵаарақәа рҭышәныртәалара;
- Ҭырқәтәыла инхо аҧсуа диаспора рыбжьара аҧсуа бызшәа аҵара иазку азҵаарақәа.
Иара убас, аныҟәаратә усурақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаан Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиеи, Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аҧсны Аҳәынҭқарра азинмчра нагӡа змоу ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡбеи, Ҭырқәтәыла иҟоу Аҧсуа Федерациа ахантәаҩы Мураҭ Маҳариеи реиҧылара.
Аиҧылара мҩаҧысуан Аҧсны ахаҭарнакраҟны, уаҟа ирылацәажәан аинститутқәа рыбжьара аимадара арӷәӷәара.
Рашәарамза 23 рзы имҩаҧысит Ҭырқәтәылатәи Ареспублика Иреиҳау аҵараиурҭақәа рҿы аҵара зҵо Аҧснытәи астудентцәеи аделегациа ахаҭарнакцәеи реиҧылара.
Агәра ҳгоит, ас еиҧш иҟоу аусуратә ныҟәара, иазгәаҭоу ахырхарҭақәа рынагӡараҟны алҵшәа бзиа шаанаго.