ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

АКУЛЬТУРА-СПОРТТӘ ФЕСТИВАЛЬ "АБАЗА"

Ҧхынгәымза 22 инаркны 26-нӡа Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аделегациа  Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспублика иҟанаҵаз ааҧхьарала  рхы аладырхәит акультура-спорттә фестиваль "Абаза". Аделегациа напхгара аиҭон арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа. Аделегациа аилазаараҟны иҟан: Басҭаҟәа Агрба-арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ, Денис Ҵәыџьба - анхарҭатә ҟәша аиҳабы, Инал Хәытаба - ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадарақәа рзы аҟәша аиҳабы.

Акәльтура-спорттә фестиваль "Абаза" еиҿкаан Жәларбжьаратәи аидгылара "Алашара" абзоурала, уи адгылара арҭеит Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспублика амилаҭқәеи, амассатә коммуникациақәеиакьыҧхьи русқәа рзы аминистрра, Ареспублика аиҳабыра, Черқьесск ақалақь анапхгара, Абазатәи амуниципалтә раион администрациа. Афеситиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҧхынгәымза 23 рзы, Черқьесск имҩаҧысит Абаза жәлар ркультура амш, ҧхынгәымза 24 рзы Ҟәбын аҳаблаҟны имҩаҧысит Абаза жәлар а-7-тәи рыхәмаррақәа.

Ҩышықәса раахыс мҽхакыҭбаалатәи аусмҩаҧгатәқәа реиҿкаара залыршамызт аҿкчымазара иахҟьаны,  ареспубликатә центр  акультуреи аҧсшьарҭеи рпарк "Зелёный остров" ҩаҧхьа аныҳәа ду алахәцәеи асасцәеи аднакылеит. "Ҩымш раахыс зегь рыла ҳаҧшӡахеит. Даҽазныкгьы иаҳбарҭахеит ҳакзаара зеиҧшроу. Абри ахырхарҭала ҳамҩа ҧхьаҟа иацҵатәуп, аҧеиҧш лаша ҳазкылсроуп. Убри аус аҟны аихьӡарақәа ҳацзааит", -иҳәеит Жәларбжьаратәи аидгылара "Алашара" ахада, Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза жәлар рконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь.

Аусуратә ныҟәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, ҧхынгәымза 25 рзы,  Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихы алаирхәит ажәабатәи Иреиҳаӡоу Асовет аилатәареи, Адунеизегьтәи  аҧсуа-абаза жәлар рконгресс Апрезидиуми. Аусмҩаҧгатә ахьымҩаҧысуаз аҭыҧ иаҭаанӡа,  ахеилак аилатәара алахәцәеи, Аҧснытәи аспортсменцәеи,  Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспубликаҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсны Аџьынџьиәылатә еибашьраҟны (1992-93ш.ш) иҭахаз хатәгәаҧхарала еибашьуз рыхьӡала иргылоу абаҟа амҵан.