ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

"Ахьышьҭрахь -2022"

Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы есышықәса еиҿнакаауа аҧхынтәи апроект "Ахьышьҭрахь" аҳәаақәа ирҭагӡаны, нанҳәамза 20 инаркны 30-нӡа аҧхынтәи алагер "Ахьышьҭрахь 2022" рхы аладырхәырц Аҧсныҟа иааит Нхыҵ-Кавказынтәи аделегациа.

Аделегациа аилазаараҟны иҟоуп ахәыҷқәа, иара убас урҭ ирхылаҧшуа, иааизакны рхыҧхьаӡара 16-ҩык рҟынӡа инаӡоит. "Ахьышьҭрахь -2022" иалахәуп еиуеиҧшым Ареспубликатәи иара убасгьи Афедералтәи еицлабрақәеи аолимпиадақәеи рҟны аиааира згаз. Аҧхынтәи алагер аҳәаақәа ирҭагӡаны, урҭ аҭаауеит ҳтәыла ақалақьқәа рҭоурыхтә ҭыҧқәа, рхы аладырхәуеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымра азхаҵара иадҳәалоу аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа. Апроект есышықәса ишазгәаҭоугьы, аҿкчымазареи акарантинтә згәаҭақәеи ирхырҟьаны, ҵыҧх амҩаҧгара залыршамхеит. Алагер алахәцәеи амҩаҧгаҩцәеи ражәақәа рыла, ари апроект акырӡа ицхыраагӡоуп рҭоурыхтә ҧсадгьыл иааигәаны адырразы, насыҧ рыманы рхы рыҧхьаӡоит ас еиҧш иҟоу аҭагылазаашьа ахьроуз. Ари аҩыза апроект адунеи иахьынӡанаӡааӡо иқәынхо аԥсуа-абаза хылҵшьҭрақәа иреиуоу ахәыҷқәа алшара рынаҭоит есышықәса имҩаԥгалахо аԥхынтәи алагер «Ахьышьҭрахь» рхы алархәара. Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы гәҭакыс иамоуп есышықәса аҧхынтәи алагер амҩаԥгара аҧсуа диаспора ахьынхо атәылақәа зегьы рҟынтәи ес-сааира алахәцәа рхыҧхьаӡара аизырҳара.