ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Сентиабр 27, 1993ш. – Аҧсны Ареспублика аҳҭнықалақь Аҟәа ахақәиҭтәра.

Урыстәыла аҧшьгарала, иуль 27, 1993ш. рзы иаҵаҩын, ақырҭуа ар Аҧсны алгаразы х-ганктәи Шәачатәи аиқәшаҳаҭра.
Аха, Қырҭтәыла ари аиқәшаҳаҭра хшыҩзышьҭра арымҭеит. Иҟалаз аҭагылазаашьа ҿыцқәа азгәаҭо, Аштаб Хадаҿы аус адулан аҕа ир аилаҧыххаареи, Аҟәа ахақәиҭтәреи рзы аоперациа. Сентиабр 16, 1993ш. Аҧсны Арбџьармчқәа ажәылара иалагеит. Гәымсҭатәи афронт ар аҕа ихыхьчаратә аҭыҧқәа ааныркылеит. Сентиабр 27 рзы Аҧсны аҳҭнықалақь Аҟәа ахы иақәиҭыртәит. 12 нызқь иҟаз аҕа ир еилаҧыххаан. Ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа, ҳауаажәлар! Гәык -ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит Аҟәа ахақәиҭра амш!