ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Жьҭаарамза 6 - Гагра ахақәиҭтәра иамшу

Аҧсны Аџьынџтәылатә еибашьра аҭоурых аҿы имаҷым аҵак ду змоу арыцхәқәа. Урҭ рыбжьара ахатә ҭыҧ ҷыда ааннакылоит Гагра ақалақьи араиони ахы ианақәиҭтәыз амш-жьҭаарамза 6. 1992ш. рзы Гагра ахақәиҭтәразы имҩаҧгаз ажәылара ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа шьаҭанкыла ҳаҧсадгьыл ралцара шьаҭас иаиуит.
Усҟан игаз Аиааира, ҳауаажәлари, ҳаҧсадгьыли, ҳархәҭақәеи рдоуҳамч шьҭнахит, рымчқәа ҩбанатәит. Арратә ҵакеиҧш, уи иаман аморал-политикатә ҵак ду, ихымҧадатәыз азҵаарақәа рыӡбаразы аҭагылазаашьа аҧнаҵон.
Жьҭаарамза 1 азы ҳаибашьцәа нап здыркыз ажәылара хыркәшан жьҭаарамза 6 рзы. Урҭ реидгылареи рфырхаҵареи ирыбзоураны иган Аиааира. Гагра ахақәиҭтәразы ицоз ажәылара рхы аладырхәит Нхыҵ-Кавказынтә, Урыстәылантә уҳәа хатәгәаҧхарала еибашьуаз, иара убас аҳәаанырцәтәи аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа. Арҭ аныҳәатә мшқәа рзы Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа рҿаҧхьа ҳхырхәоит. Аамҭа аҧышәара уадаҩ зхызгаз, ачҳара ду аазырҧшыз анацәеи абацәеи ҭабуп ҳәа раҳҳәоит. Ҭабуп ҳәа раҳҳәоит аҭынч ҧсҭазаара ҳзаазгаз ҳаибашьцәа-ҳфырхацәа!
Нагӡара ақәзааит ҳаҧсадгьыл Аҧсынтәыла! Ишәҭыкакаҷлааит Гагра!