ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Иахьа ашьыжь Ҭырқәтәыла адгьылҵысра ӷәӷәа ҟалеит

Иахьа ашьыжь Ҭырқәтәыла адгьылҵысра ӷәӷәа ҟалеит
Ҭырқәтәылатәи асеисмологцәа иҟарҵаз ахәшьарала, адгьылаҵаҟатәи аҵысра амагнитуда 7,8 балл ыҟан. Ашәахьаҽны, адгьылҵысра анырра анаҭеит Ҭырқәтәыла арегионқәа жәпакы рҟны, убарҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Анкара.
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аҳәынҭқарратә усбарҭа адырра злаҟанаҵо ала, адгьылҵысра ҟалеит Пазарџьык араион Кахраманмараш апровинциаҟны, 7км.аҵаулараҟны, аҭыԥантәи аамҭа 04:17 рзы. Сааҭыбжак аҩныҵҟа адгьылҵысра ҟалеит еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҟны - Адана, Анкара, Анталиа, Газианҭеԥ, Каисери, Мерсин, Трабзон, Шанлыурфа.
Аҩнқәа реилабгара азгәаҭоуп Кахраманмараш, Малатиа, Шалыурфа, Газианҭеԥ апровинциақәа рҟны.
Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа Федерациа ахантәаҩы Мураҭ Махариа иажәақәа рыла, уажәтәи аамҭазы иҟоу адыррақәа рыла, аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа рҟынтә дҭахеит ҧҳәыск. Иҭахаз рҭаацәа ҳрыдышшылоит, ахәрақәа зауз агәабзиара рзеиӷьаҳшьоит.