ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

АДЫГЕИА АҲӘЫНҬҚАРРА АБИРАҞ АМШ НЫҲӘА

Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара гәык-ҧсык ала адунеи иқәынхо ачерқьес жәлар ирыдырныҳәалоит Адыгеиа Аҳәынҭқарра абираҟ амш ныҳәа. Адыгеиа Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә бираҟ зкәакьҭа иашоу аиаҵәаҧшшәы змоу асахьа амоуп, уаҟа иарбоуп аиаҵәақәа 12, зыхҿа хыхьҟа иҧшуа еихдоу ахьтәы хыцқәа хҧа.
Аиаҵәақәа 12- адыга (ачерқьес) хылҵшьҭрақәа 12 ирхаҿроуп, ахыцқәа 3 - ижәытәӡатәиу адыга ҭауадшьҭра иадыргоуп. Еихдоу ахыцқәа хҧа- акзаара аанарҧшуеит. Аиаҵәаҧшшәы аҧсҭазаара иасимволуп, иара убас атәыла аҧсабара аҷыдарақәа ируакуп, 40% инарзынаҧшуа адгьылҵакыра бнара ҭыҧуп.
Аш- иара убас, адыгақәеи(ачерқьесқәеи) зегьы ирмилаҭтә бираҟны иҧхьаӡоуп, ҳазҭагылоу аамҭазы аҟабардақәеи, адыгақәеи, ачерқьесқәеи, ашаҧсыӷқәеи, адыга (ачерқьес) диаспорақәеи рзы ҵакырадгьылла еиҩшоуп.
Есышықәса, мшаҧымза 25 рзы, адунеи иқәынхо адыгақәа зегьы иазгәарҭоит абираҟ амш ныҳәа. Адыгеиа, Ҟабарда-Балкариа, Ҟарачы-Черқьесск, иара убас ачерқьес жәлар ахьынхо егьырҭ арегионқәеи атәылақәеи рҟны иазгәарҭоит адыга жәлар рмилаҭтә хаҿра аныҳәа иазку еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа.