Иахьа, Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра - ҳтәылаҿы акырзҵазкуа органуп, Аҧсны Аҳәынҭқарра Жәларбжьаратәи азхаҵара ҳәаақәызҵо, жәларбжьаратәи аинвестициақәеи атехнологиа ҿыцқәеи радыҧхьалара аус иацхраауа, Аҧсны атәылауаа аҳәаанырцә рзинқәа зыхьчо.
30 ш. раҧхьа, ҳтәыла ашьаарҵәыра ианалагылаз, ақырҭуа-аҧсуа еибашьра анцоз аамҭазы, лаҵарамза 17, 1993 ш. рзы иаҧҵан, Аҧсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра. Ҳтәыла аекономикатә мацәаз ианҭакыз, Қырҭтәыла аганахь ала аибашьра ҿыц азы ашәарҭара аныҟаз, Аҧсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра, зхы иамеигӡоз аҧсуа дипломатцәа ирыбзоураны, адәныҟатәи аполитикатә усқәа мҩаҧнагон.
Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ахьӡала, Аҧсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра аветеранцәеи, уажәтәи аколлективи, агәабзиареи анасыҧи рзеиӷьанашьоит. Аҧсны Аҳәынҭқарра аинтересқәа жәларбжьаратәи аренаҿы ишақәнагоу еиҧш ихьчазааит, ҳтәыла аҧеиҧш лашазы еснагь ишыҟаз еиҧш.