ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

ЛАҴАРАМЗА 21 РЗЫ, ҬЫРҚӘТӘЫЛА

Есышықәсеиҧш сынтәагьы, лаҵарамза 21 рзы,  Ҭырқәтәыла, Қьефқьен ҳәа иахьшьҭоу аҭыҧ аҟны, Амшын Еиқәа  аҧшаҳәаҟны,  имҩаҧысит Кавказ тәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш.  

Араҟа, иахьа иаадыртит Елиф Қьецҧҳа лыхьӡала абаҟа.  Амонумент аура ааметрак ыҟоуп, акапан хәтоннак, абаҟа апиедистал ҩметрак инаӡоит.  Ҳажәлар рыхәҭа дук ахьықәынҵәаз ари амшын аҧшаҳәаҟны ирацәоуп хәыҷи-дуи  рыҧсыжырҭақәа, ҳџьынџьуаа хеиқәырхагас ирымаз аҳаҧқәа.  Алақмар ҳәо анышәынҭрақәа ирыххалаз Елиф Қьецҧҳа, аҭырқәа сулҭан лхабар аниаҳа, дрыцҳаишьеит, аҭыҧ аанлыжьырц   лзыицҳаит. "Аҵәыуара иашьцылахьоу,  аччара агьама закәу изеилкаауам...",- лҳәеит агәырҩа цәгьа иафахьаз Елиф аҭакс.

Аҭоурыхтә мзызқәа ирхырҟьаны адунеи атәылақәа жәпакы ирыланхо Кавказ ажәларқәа рхаҭарнакцәа рлахьынҵа акырӡа угәы ҭнашьаауеит. Аамҭақәа ирылыҩны урҭ ргәынқьбжьы ҳара ҳҟынӡа иааӡозар ҟалап.   Наунагӡа ргәалашәара ҳацуп! Аҧсуа Федерациа иҟанаҵаз ааҧхьарала, Қьефқьен имҩаҧысуа абаҟа аартра иалахәуп Аҧсадгьыл  ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы  Вадим  Ҳаразиа напхгара зиҭо аделегациа.

Иара убас, ауснагӡатә рҽаладырхәит Аҧснытәи ателерадиоеилахәыра ахантәаҩы Ирина Агрҧҳа.