ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

ЛАҴАРАМЗА 21, АҦСНЫ

Лаҵарамза 21, 2023ш.рзы, Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки Аҧсны Аҳәынҭқарра аҿари аспорти аусқәеи рхеилаки еицымҩаыргеит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз  ргәалашәара иазкыз аусмҩаҧгатәқәа.

Асааҭ 12:00 рзы, астанциа "Гәыма" аҟны иаартын Баҭал Џьопуа исахьақәа рцәыргақәҵа, иара убас имҩаҧган алекториум "Амҳаџьырра аетапқәеи аҭоурыхи" ртемала, спикерцәас иҟан Асланбек Мирзоеви Виачеслав Чирикбеи. Иара убас, астанциа "Гәыма" аҭаларҭаҟны иаартын   аамилаҭтә хәмарра ахыци ахәымпали рыла ахысра иазкыз амастер-класс.

Убри аамҭазы, С. Ҷанба ихьӡ зӡу Аҧсуа Драматә театр аҟны иаартын арепатриантцәа рхыҧхьаӡара аҟынтә  архивтә патреҭқәеи асахьақәеи рцәыргақәҵа.

Анаҩс, 14:00 рзы, О. Беигәа ихьӡ зху аҳәаанырцәтәи аҧсуаа рҭоурыхтә музеи аҟны  аусура иалагеит Аконференциа "Ҳазҭагылоу аамҭазы арепатриациеи адемографиеи рызҵаарақәа" рыла,  спикерцәас иҟан Руслан Гәажәбеи, Гурам Гәымбеи.

Асааҭ 19:00 рзы, С. Багаҧшь ихьӡ зху Ашҭаҟны, Амҳаџьырқәа рыхьӡала иргылоу абаҟа ашҟа аныҟәарақәа  еиҿкаан, уи иалахәын арепатриантцәа, аҧсуа интеллигенциа,  аҿар.

Минуҭқтәи аҿымҭра анаҩс, амҳаџьырқәа ргәалашәара аҳаҭыразы, урҭ рыхьӡала игылоу абаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭаҵан, иара убас Б. Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах" аҟынтә идырбан  атеатралтә цыҧҵәаха.  Ишаҧу еиҧш,

лаҵарамза 21 иадҳәалоу агәаларшәаратә усмҩаҧгатәқәа хыркәшан амцеиқәҵарала, анаҩс аамшын ихҵан ашәҭқәа.

Аиааира Ашҭаҟны ашьапылампылтә дәаҟны имҩаҧысит Жәларбжьаратәи  ашьапылампылтә мини-турнир,   2012ш.рзы ииз ахәыҷқәа рыбжьара. Иара  ихыркәшахоит лаҵарамза 23 рзы.