ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

КАВКАЗТӘИ АИБАШЬРА ИАЛАӠЫЗ РГӘАЛАШӘАРА АМШ

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш иазкны иаҧҵаз апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, Лаҵарамза 23 рзы имҩаҧысит Жәларбжьаратәи ашьапылампыл азы аицлабра-маҷ ахәыҷқәа 2012 ш. ииз рыбжьара.

Алахәылацәа хьаҵра ҟамҵакәа ахраҿа агаразы еиндаҭлон, аиааира азынхеит ашьапылампылтә гәыҧ "Репатриациа", агәыҧ алахәылацәа азыҟаиҵон Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы аусзуҩ Матуа Ҭемыр. Аиааира згаз, рнаҩс аицлабра алахәылацәа дрыдныҳәало Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Багаҭелиа Асҭамыр иазгәеиҭеит аспорт азҟазара аҭыҧ шыҳараку, иагьырзеиӷьеишьеит зегьы ҧхьаҟатәи ақәҿиарақәа.

Уи аамҭазы, Ҭырқәтәыла, ақалақь Коџьаели, Картепе аипподром аҟны имҩаҧысит "Аҧсуаа рыхьӡала аҽырыҩра 2023" ҳәа хьӡыс измаз Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш иадҳәалаз аҽырыҩратә еицлабра. Зыӡбахә ҳәоу аҽырыҩра еицеиҿыркааит Коџьаели ақалақь аҟны еиҿкаау Аҧсуа культуратә центр анапхгаҩы Чычба Ҳасани, Ҭырқәтәыла Аҳәынҭқарра Ақыҭанхамҩазы аминистрреи, анаҩс Коџьаели ақалақь ахадареи. Аицлабрахь ааҧхьара аман Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭкарратә еилакы ахантәаҩы Ҳаразиа Вадим напхгара ззиуа аделегациа.

Аҽыраҩратә еицлабра аартуа Коџьаели ақалақь аҟны еиҿкаау Аҧсуа культуратә центр анапхгаҩы Чычба Ҳасани алахәылацәеи, аицлабра ахәаҧшразы еизаз аҭааҩцәеи,  иҭабуп ҳәа раҳәо ажәа ииҭеит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Ҳаразиа Вадим.  Иара иажәаҳәаҿы иҭабуп ҳәа реиҳәеит аҽырыҩратә еицлабра алахәылацәеи аҭааҩцәеи. Аусмҩаҧгатә ахырқәшамҭазы Ҳаразиа Вадими Чычба Ҳасани еимырдеит агәаларшәагатә ҳамҭақәа.