ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Иҧсҭазаара далҵит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Ерсын Чқәуа.

Иҧсҭазаара далҵит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, "Агәымшәараз" амедал занашьаз, Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл бџьаршьҭыхла изыхьчаз ҳџьынџьуаҩ Ерсын Чқәуа. Ауаҩы аамысҭашәа, ашьац иаӷрагылар ҳәа ишәоз, зыламыс ҳаракыз Ерсын Чқәуа, иҧсадгьыл иҧсеиҧш бзиа ибон, ижәлар рхьаа ихьаан, ргәырӷьара игәырӷьан. Араҟа иаҧиҵахьан аҭаацәара ҧшӡа, ирызҳауеит ихылҵ.
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи аусуратә еилазаареи гәалсра дула ирыдышшылоит Ерсын Чқәуа иуацәеи-иҭынхацәеи.