ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Апроект "Ахьышьҭрахь" аусура хацыркуп

Аҳәаанырцәынтәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны зыҧсшьаратә мшқәа зхызго аҿар, иахьа, Аҟәа ақ. Ахьӡ - Аҧша апарк иаҭааит, ҳаибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит. Анаҩс, Амшын Еиқәа аҿықә аҟны игылоу амҳаџьырқәа рбаҟа ашҟа ицеит. Иара убас, иаҭааит Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу Ешыра ақыҭа. Апроект "Ахьышьҭрахь" аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҧсынтәыла зыҧсы зшьо ҳџьынџьуаа, Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа, "Бзиала шәаабеит", - ҳәа раҳәауа аилак ахыбраҟны идикылеит. Иҳәеит ҳхылҵшьҭрақәа рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь раара иамоу аҵакы, рабдуцәа зныҵыз адгьыл иқәӷьацарц шахәҭоу.Иҳәеит ҳхылҵшьҭрақәа рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь раара иамоу аҵакы, рабдуцәа зныҵыз адгьыл иқәӷьацарц шахәҭоу. Иара убас иазгәеиҭеит, арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы шаҧҵаз еиҳа ианыуадаҩӡаз аамҭазы, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз. Агәаҳәара ааирҧшит рҭоурыхтә ҧсадгьыл еснагь рылаҧш ахызарц, гәыла-ҧсыла иадҳәалазарц. "Ахьышьҭрахь" алахәцәа зегьы ақәҿиарақәа рзеиӷьашьо иазгәеиҭеит, аҿар Аҧсны аҧсшьара мшқәа бзиа шырзыҧшу. Агәыҧқәа реиҳабацәа ракәзар, иҭабуп ҳәа ахырҳәааит аҧхарра зҵаз аиҧыларазы.