ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Аҧсны зыҧсшьарамшқәа зхызго ҳџьынџьуаа Афон Ҿыц иаҭааит

Аҳәаанырцәынтәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны зыҧсшьарамшқәа зхызго ҳџьынџьуаа, иахьа, иаҭааит Афон Ҿыц. Урҭ ирыман алшара Афон ҿыцтәи аҳаҧы аҭалара, дара рзы уи акыр иблахкыган, иџьашьахәын. Иара убас, иаҭааит ауахәама, аберҭым, ақалақь аҭоурыхтә ҭынхақәеи, аҭыҧ ҧшӡарақәеи. Ирбаз - ираҳаз акырӡа ихнахит.
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара иҭабуп ҳәа рарҳәоит, апроект "Ахьышьҭрахь" аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧсынтәыла зыҧсы зшьо аҿар адгылареи ацхыраареи рызҭо зегьы. Ахәҭакахьала, Афон ҿыцтәи аныҟәарақәа рҟны ахаҵгылара аазырҧшыз Аҧсны Аҳәынҭқарра атуризм азы аминистрра, Афон Ҿыц иҟоу аҳаҧы анапхгара, ҳџьынџьуаа хәыҷқәа хәыда - ҧсада иахьрыдыркылаз.
Ишәгәалаҳаршәоит, Ҭырқәтәылантәи, Иорданиантәи, Ливанынтәи, Ҟарачы-Черқьесынтәи араҟа зыҧсы зшьо ҳџьынџьуаа 79-ҩык шыҟоу. Апроект "Ахьышьҭрахь" аусура хнаркәшоит нанҳәамза 22 рзы. Уаанӡа ҳхылҵшьҭрақәа рҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны ирзыҧшу алахҿыхреи агәырӷьареи зцу ауснагӡатәқәа маҷым. Мҩамш!