ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Ҳџьынџьуаа аҭааит Гагра ақалақь

Апроект "Ахьышьҭрахь" аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧсны зыҧсшьарамшқәа зхызго аҿар, иахьа, рныҟәарақәа ирыцҵан Гаграҟа. Урҭ идырбан аҭыҧ ҧшӡарақәа, ирзеиҭаҳәан ақалақь аҭоурых. Ахәыҷқәа рзы даара игәырӷьаран адельфинари аҭаара. Зҭоурыхтә ҧсадгьыл абзиабара есааира изныруа ҳџьынџьуаа, Аҧсны рыҟазаара агәахәара ду рнаҭоит. Дара ражәақәа рыла, наунагӡа арахь нхара иаауагьы ҟалашт. Аделегациа алахәцәа рныҟәарақәа ҳәаақәырҵоит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи аусзуцәеи. Дара иҭабуп ҳәа рарҳәоит иахьатәи амш ахаҵгылара азҭаз зегьы.