ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Нанҳәамза 14 - Аҧсны аҭоурых адаҟьақәа рҿы итрагедиатәу рыцхәны иаанхоит

Нанҳәамза 14 - Аҧсны аҭоурых адаҟьақәа рҿы итрагедиатәу рыцхәны иаанхоит. Убри аҽноуп, 413 мши-ҵхи ицоз аибашьра ахы анакы. Зықьҩыла аҭынч уааҧсыреи афырхацәеи рхы ақәырҵеит Аҧсадгьыл ахьчара. Игәалашәара лашазааит акомандаҟаҵаҩ хада Владислав Арӡынба. Ргәалашәара наӡаӡазааит Аҧсны Аиааира азаазгаз иреиӷьыз аҵеицәа, ҳџьынџьуаа, хатәгәаҧхарала иҳацеибашьуаз зегьы. Рҿаҧхьа ҳхырхәоит 413 мши-ҵхи бџьаршьҭыхла ҳаҧсадгьыл зыхьчоз аветеранцәа, агәабзиареи агәамчи рзеиӷьаҳшьоит. Аҧсны жәлар аҭынчреи агәабзиареи рымазааит.