ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Иахьа, аҳҭнықалақь Аҟәа ҳџьынџьуаа рзы еиҿкаан аныҟәарақәа жәпакы

Иахьа, аҳҭнықалақь Аҟәа ҳџьынџьуаа рзы еиҿкаан аныҟәарақәа жәпакы. Агәыҧқәа реиҳабацәа рыцны аботаникатә баҳча иаҭааит. Анаҩс, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә тәылаҿацәҭҵааратә музеи аҟны аҿар ирзеиҭаҳәан аҭоурых, идырбан аҟәшақәа еидыркыло аекспонатқәа. Ҳҭоурых иаҿахәҳәагоу, ажәытәра ахаҿра аазырҧшуа амаҭәахәқәа акыр иблахкыган. Хымҧада, ҳџьынџьуаа хәыҷқәа гәахәарыла ирыдыркылеит лабҿаба ирбаз-ираҳаз зегьы.
Иахьа, иара убас И. Папасқьыр ихьӡ зху амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа иҟаиҵаз ааҧхьарала, аҳәаанырцәынтәи Аҧсны зыҧсшьарамшқәа зхызго ҳхылҵшьҭрақәа аҭагылазаашьа рыман абиблиотека аҭаара. Борис Ҷолариа ҳџьынџьуаа ирзеиҭеиҳәеит изҭааз ахыбра аҭоурых, ауадақәа ирыҩнысны игәарҭеит. Урҭ ҳамҭас ириҭеит арҵагатә шәҟәқәа, акультуратә центрқәа рҟны ианнеилак, анаҩсқ еихшаны ирзыршоит. Ахәыҷқәа ракәзар ирҳәеит, Аҧсны изҭааз аҭыҧқәа зегьы шыргәаҧхо, аҧхьаҟагьы алшара роуны ианыҟала, ҩаҧхьа ишаауа.