ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Цәыббрамза 1 - аҵарадырра иамшуп

Ҳаҭыр зқәу аҵаҩцәа!
Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа, аҭаацәа!
Гәык-ҧсык ала ишәыдаҳныҳәалоит аҵарашықәс ҿыц алагамҭа. Ари аныҳәа ус баша иахьӡым - аҵарадырра амш ҳәа. Ашкол аҧсҭазаара, уаҟа имҩаҧысуа амшқәа, ашықәсқәа, дарбанызаалак изы акырӡа аҵанакуеит. Ашкол аҟноуп ауаҩытәыҩса ихаҭара ахьышьақәгыло, аҧхьаҟатәи изаанаҭ ашьаҟа ахьаиуа.
Акыр иаҧсоу арҵаҩцәа! Ишәыгымзааит агәабзиара, агәамч, шәнапы злаку аусқәа рҟны аихьӡарақәа. Шәнапы иҵышәхуа, аџьабаа здыжәбало шәҵаҩцәа, рыҧсадгьыли рыуаажәлари рзы ихьӡырҳәагақәаны иҟалааит. Аҭаацәа, шәыхшара рыла шәгәы еизҳалааит, насыҧ шәымазааит. Аҵаҩцәа, еснагь аҵарадырра шәхы азкыдзааит, иреиҳау аҩаӡарақәа шәрызнеилааит!
Мҩамш!