ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы алаҳәара ҟанаҵоит ҳџьынџьуаа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аҵара рҵарц азы рыдкылара

 

Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы есышықәса имҩаҧнаго апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет ахь астудентцәа рыдкыларазы ааҧхьара ҟанаҵоит.

Аҵара ҿҳәарас иамоу иалырхуа афакультет иахьыҧшуп, ихымҧадатәиу абызшәатә ҽазыҟаҵаратә курсқәа налаҵаны. Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы  астудентцәа раареи рҵареи иадҳәалоу ахарџьқәа ахахьы иагоит, иара убас қәҿиарала аҵара зҵо астипендиа рызшәахоит.

Арзаҳалқәа рыдкылахоит цәыббрамза 15, 2023 ш.  Еиҳа инарҭбаау аинформациа шәоурц азы шәадҵааларц шәылшоит ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадара аҟәша.

Аҭел: +7940 995 49 95

(WhatsApp)

Email: Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees.