Цәыббрамза 22, 1993ш. рзы дҭахоит Аҧсадгьыл ахьчаҩ, аҟабарда ҷкәын - Ҳанефи Егожь
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, Ҭырқәтәылантәи забдуцәа рџьынџь ахьчара иааз аҧсуа еибашьцәа реиҧш, Каисери ақалақь еиуаз аҟабарда ҷкәын Ҳанефи Егожь, иашьцәа ашәарҭара иҭагылоуп ҳәа аниаҳа, ҧшрак ҳәа ҟамҵакәа арахь амҩа дықәлеит. Акыр агәаӷьреи, ачҳареи, афырхаҵареи зцыз аибашьратә мҩа Ҳанефи Егожь ишиаҭәаз еиҧш данысит, еиҳа ианаҭахыз аамҭазы иашьцәа ижәҩахыр рыдиҵеит, уи акырӡа игәышьҭыхган аҧсуаа ҳзы. Аҧсуа-дыга жәлар ҭоурыхтә лахьынҵак ҳаиднакылоит, ҳацәгьеи ҳабзиеи еилоуп. Уи ус шакәу шьақәнарӷәӷәоит Аҧсны Аџьыньтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы аӷьараҳәа иҳадгылаз хатәгәаҧхарала еибашьуаз рҿырҧшы. Аибашьҩы, Ҳанефи Егожь дҭахоит Аҧсны Аиааира агара мышқәак шагыз. Аҧсныдгьыл аҭынч ҧсҭазаараҟны дықәыҧшыртә еиҧш аҭагылазаашьа имоуит, илахьынҵа иеижьеит. Аха, Аҧсны аҭоурых наунагӡа иазынхоит иара ихьӡ-иҧша, еицакра зқәым ифырхаҵаратә сахьа лаша. Ҳанефи Егожь анышә дамадоуп Гәдоуҭа аиашьаратә нышәынҭраҿы. Игәалашәара ҧшьа аҿаҧхьа ҳхырхәоит!