ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Иахьа - Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа ирымшуп

Жьҭаарамза 11, 1992ш. рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет апрезидиум ахантәаҩы Владислав Арӡынба Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи раҧҵаразы. Ари арыцхә аофициалла Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа анаҧҵаз иамшуп ҳәа иҧхьаӡоуп - Аҧсуа Архәҭақәа ирирамшуп. Аҧсны Арбџьар Мчқәа раҧҵаразы Аусҧҟа ҭыжьын Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз, Аҧсадгьыл Ахьыҧшымразы ажәылара ӷәӷәақәа анцоз еиҳа ианыуадаҩыз аамҭазы.
Ҳазҭагылоу аамҭазы Арбџьар Мчқәа - Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымра аиқәырхара иагарантуп. Убри аҟынтә Аҧсуа Ар арбџьареиқәыршәара ҳаракы амоуп, иара иахьыҧшуп аҳәынҭқарреи амилаҭи рлахьынҵа. Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа Атәылахьчара аминистрра анапаҿы иҟоуп, ахадаратә усбарҭақәа рыла ишьақәгылоуп, адгьылмҩатә архәҭақәа, арра-ҳаиртә мчқәа, арра-мшынтә мчқәа рыла иҳәаақәҵоуп. Иахьа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа аҭагылазаашьақәа зегьы амоуп ҳҳәынҭқарра акзаареи ашәарҭадареи рыхьчаразы, амилаҭтә интересқәа рыдгылара хымҧада иазыхиоуп.
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа рымш аҧҵара рыдныҳәалауа, Аҧсуа архәҭақәеи ҳтәыла ауаажәларреи аҭынч ҧсҭазаара рзеиӷьаршьоит.