ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Абҵарамза 26 рзы Аҧсны иазгәарҭоит Аконституциа амш

Исуверентәу, идемократиатәу, изинтәу Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа амш Иреиҳау Асовет ақәҵарала ирыдкылан 1994ш.абҵарамза 26 рзы. Убри аҽны атәыла иреиҳау азакәанҧҵаратә усбарҭа адепутатцәа далырхит раҧхьатәи Ахада - Владислав Арӡынба.Аҧсны Аконституциа рыдыркылон иуадаҩыз аамҭазы, ақырҭуа-аҧсуа еибашьра анаҩс. Аконституциа еиднакылоит акзаара, ахьыҧшымра, Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыра амазаара; ирылаҳәоуп азакәанҧҵаратә, анагӡаратә, аӡбаратә махәҭақәа реихшара; ауаҩы изини ихақәиҭреи агарантиа аҭара. 1999ш. жьҭаарамза 3 рзы имҩаҧысыз ареферендум аҿы Аҧсны атәылауаа реиҳараҩык, ихадаратәыз аус зуаз азакәан иадгылеит. 1999ш. жьҭаарамза 12 рзы, ареферендум алҵшәа шьаҭас иҟаҵаны апарламент иаднакылеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымра Акт. Аҧсны ахә ҳаракны иашьоит Аконституциа жәларбжьаратәи астандартқәа ирықәшәо Аҧсны аҩныҵҟа мацара акәымкәа, Урыстәылеи егьырҭ аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәеи рҟны азхаҵара ахьамоу.
Аҧсны Аконституциа адкылара амш - ҳҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылара аус аҟны акрызҵазкуа хҭысуп, шәышықәсала аҧсуа жәлар ззықәҧоз ахақәиҭреи ахьыҧшымреи иршьагәыҭуп, иара убас жәларбжьаратәи азин асубиект аҳасабала адунеитә еилазаара иалоуп.
Ргәалашәара лаша ҳацзаауеит зыҧсҭазаара ҳҳәынҭқарра ахьыҧшымра аиқәырхара иахҭнызҵаз.Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи аусзуцәеи гәык-ҧсык ала ҳауаажәлар Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа амш рыдырныҳәалоит. Ишәҭыкакаҷлааит, еизҳазыӷьалааит ҳ-Аҧсынра!