ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Лаҭатәи ахлымӡаах

31 шықәса раҧхьа, ҧхынҷкәын 14, 1992 шықәса рзы, ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа иҭадырхеит, Тҟәарчалынтәи Гәдоуҭаҟа иҵҧрааз, аҭынч уааҧсыра зҭаз, Урыстәылатәи аверталиот Ми-8. Ажәҩан иалаблыз 87-ҩык рахьтә иҟан 35-ҩык ахәыҷқәа…
Ари ахҭыс хлымӡаах, иахьа уажәраанӡа, иахәҭоу жәларбжьаратәи ахәшьара маиуӡацт. Ҳаҧсуа жәлар ирхыргахьо атрагедиа уаналацәажәо, угәы ҿызкаауа акәны иҟалеит ари амш.
Аибашьраҿы иухамшҭуаз ахҭысқәа шыҟазгьы, ари амш, аҭоурых адаҟьақәа ирнымҵуа хлымӡаахны иаанхеит. Уижьҭеи аамҭа ҧыҭк шыбжьалахьоугьы, ахәрақәа рыхәышәтәра залшом. Ари ахҭыс иааннажьит хашҭра зқәым, угәаҵа збылуа агәалашәарақәа, угәы ҭызшьаауа ацәаҳәақәа. Абарҭқәа зегьы ҳажәлар ҧышәак аҳасабала ирхыргар акәхеит. Ҳарҭ еснагь ргәалашәара ҳацуп !