ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Аҧснытәи аделегациа Сақариа ақалақьи Қәызлықә ақыҭеи ирҭааит

Аҧснытәи аделегациа Ҭырқәтәылатәи Ареспубликахь рцара аҳәаақәа ирҭагӡаны иаҭааит Адаҧазар иаҵанакуа, аҧсуаа рацәаҩны иахьынхо Сақариа ақалақь. Аҧсуа культуратә центр анапхгаҩы Орал Бганба, асасцәа идирбеит ҿыц идыргылаз адернеқь ахыбра. Иазгәеиҭеит, ахәыҷқәа аҧсуа бызшәа дырҵаразы акружокқәа шеиҿкаау, арҵаҩцәа руаӡәк, Мануела Хәырхәмалҧҳа, Аҧсны дшеиуоу, араҟа аҭаацәара дшалоу. Иара убас иҳәеит, аҟазара аусхкқәа ишрызҿлымҳау, уи иазку аусмҩаҧгатәқәа шеиҿыркаауа. Иара убас, Аҧснытәи аделегациа алшара рыман аҧсуа диаспора ахьынхо Қәызлықә ( Гьечрыҧшь) ақыҭа абара. Аҭыҧантәи абыргцәа рхеилак ахаҭарнакцәеи дареи злахәыз, аҧхарра зцыз аиҧылара мҩаҧысит.
Иазгәаҭатәуп, арҭ амшқәа рзы Ҭырқәтәыла иҟоу аделегациа реилазаараҟны ишыҟоу Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа, Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахаҭарнакцәа.